Print this page
Aшәахьа, 22 Цәыббра 2025 17:01

Аҭоурыхҭҵааҩ, ашәҟәыҩҩы, иналукааша аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә усзуҩ, Аԥсны аҭоурых арҵагашәҟәқәа реиқәыршәаҩ, рредактор хада, Аԥсны зҽаԥсазтәыз аҭҵаарадырра аусзуҩ, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Станислав Лакоба Аԥсуа радио аефир аҟны иуаҩышьа, ихыҧша далацәажәеит аҭоурых ҭҵаарадыррақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.

«Станислав Зосим-иҧа игәы аангылеит сентиабр 20 асааҭ 5 шыҟаз еиҧш (ахәылбыҽха –азгәаҭа). Убри аамҭа инаркны ҳдунеи аҿы апринципреи апрофессионалреи хәыҷык имаҷхеит ҳәа сгәы иаанагоит », - иҳәеит Аҩӡба ицәажәараан.

 

Read 51 times