Aшәахьа, 23 Ажьырныҳәа 2023 13:01
Телеграм-канал "Ахьыуардын" цәырҵит.
Аԥсышәала аԥхьаҩцәа анҵамҭақәа рыдызгало телеграм-канал "Ахьыуардын" цәырҵит. Уи аира шыҟалаз, ахьӡ ахьынтәиаагоу, инанагӡо ахықәкы атәы Аԥсуа радио аефир аҿы еиҭалҳәеит аканал амҩаԥгаҩ, афилолог, аиҭагаҩ Алина Жьиԥҳа.
Aхәаша, 20 Ажьырныҳәа 2023 12:43
Џьарназ Бениа.
Аҿари аспорти рус азы, Гәдоуҭатәи араионтә хеилак ахантәаҩы. Ареспубликаҿ зхы иақәиҭоу ақәԥаразы азыҟаҵаҩ хада. Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ. Аҽыбӷаҟазаразы аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.
Aҧшьаша, 19 Ажьырныҳәа 2023 13:20
Роман Занҭариа.
Роман Занҭариа. Тамшьтәи аҽыбӷаҟазацәа ркоманда азыҟаҵаҩ. Ареспубликатә категориа аӡбаҩ. Очамчыратәи аҽыбӷаҟазацәа Рхеилак алахәыла.
Aхаша, 18 Ажьырныҳәа 2023 11:30
Анцәа аӡы иӡаахра мшы рҽазыҟарҵоит.
Амзар аҿы ажьырныҳәа жәаа. Ари амш аҽны ақьырсиан динхаҵаҩцәа ажьырныҳәа зеижә рзы имҩаԥысран иҟоу Анцәа аӡы иӡаахра мшы рҽазыҟарҵоит.
Aхаша, 28 Ԥхынҷкәын 2022 12:29
Уаҵәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысуеит "Участковый Чычын" аԥхьарбара.
Уаҵәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысуеит "Участковый Чычын" аԥхьарбара. Убри инамадан адырраҭара "Ашьыжь" далахәын Ҷыҷын ироль назыгӡо, аԥсуа телехәаԥшра аоператор Џьамбыл Чхьапелиа.
Aшәахьа, 26 Ԥхынҷкәын 2022 14:56
Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыднагало ақәыргыламҭа.
Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыднагало ақәыргыламҭа арбану, уи шаҟа аамҭа аус адырулоз атәы Аԥсуа радио аефир аҿы еиҭеиҳәеит арежиссиор- ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа.
Aхәаша, 23 Ԥхынҷкәын 2022 12:10
Аԥсуа-адыга филологиа ацентр адиректор Ахра Анқәаб.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаарту Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр адиректор Ахра Анқәаб адырраҭара «Ашьыжь» аҟны дазааҭгылеит ацентр ахықәки уи инанагӡахьоу аусқәеи ртәы.
Aҧшьаша, 22 Ԥхынҷкәын 2022 16:13
Аҩбатәи акурс астудентка Анна Какәылиаԥҳа
Жәларбжьаратәи аинформациатә еицлабра «Честный взгляд» - 2022 иалахәыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудентка Анна Какәылиаԥҳа ашьыжьтәи ҳдырраҭараҿ дазааҭгылеит аицлабра аҟны лалахәхара шыҟалаз, ирыдылгалаз атема.
More...
Aхаша, 21 Ԥхынҷкәын 2022 11:45
Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит акандидаттә диссертациақәа рыхьчара.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аҟны имҩаԥысит акандидаттә диссертациақәа рыхьчара. Аусумҭақәа равторцәа Мадонна Ԥлиаԥҳаи, Инал Гыцбеи иаздырхиаз адиссертациақәа афольклори, алитературеи ирызкын.
Aҩаша, 20 Ԥхынҷкәын 2022 12:39
Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас.
Ҩажәи хәба шықәса ихыҵуан ҳџьынџьуаҩ Озқан Ҭарба Голландиаҟа нхара ҳәа даниас. Иара изныкымкәа Аԥсны даахьеит.Уажәы жәларбжьаратәи аԥсуа-абаза конгресс далахәын,иара дреиуоуп уи аиҿкаара згәалашәо. Ибзианы идыруеит иабацәа рҭоурых.
Aҧшьаша, 15 Ԥхынҷкәын 2022 11:20
Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит Александр Чачба иусумҭақәа рцәыргақәҵа.
Аԥсуа сахьаҭыхҩы дуу, зыхьыӡ адунеи иахыҵәахьоу, зусымҭақәа рыла аҟазара абзиабаҩцәа зыршанхахьоу Александр Чачба диижьҭе 155 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы иаартхоит иара иусумҭақәа рцәыргақәҵа.