Интервью

Пятница, 20 января 2023 12:43

Џьарназ Бениа.

Аҿари аспорти рус азы, Гәдоуҭатәи араионтә хеилак ахантәаҩы. Ареспубликаҿ зхы иақәиҭоу ақәԥаразы азыҟаҵаҩ хада. Аԥсни Урыстәылеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ. Аҽыбӷаҟазаразы аӡбаҩ хада Џьарназ Бениа.

Четверг, 19 января 2023 13:20

Роман Занҭариа.

Роман Занҭариа. Тамшьтәи аҽыбӷаҟазацәа ркоманда азыҟаҵаҩ. Ареспубликатә категориа аӡбаҩ. Очамчыратәи аҽыбӷаҟазацәа Рхеилак алахәыла.

Амзар аҿы ажьырныҳәа жәаа. Ари амш аҽны ақьырсиан динхаҵаҩцәа ажьырныҳәа зеижә рзы имҩаԥысран иҟоу Анцәа аӡы иӡаахра мшы рҽазыҟарҵоит.

2022 шықәсазы ашәаҳәаҩ қәыԥш Инесса Григолиаԥҳа иҭлыжьит ашәа ҿыцқәа ҩба.

Ишԥаԥыло ашықәс ҿыц адунеи атәылақәа рҿы?

Уаҵәы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониаҿ имҩаԥысуеит "Участковый Чычын" аԥхьарбара. Убри инамадан адырраҭара "Ашьыжь" далахәын Ҷыҷын ироль назыгӡо, аԥсуа телехәаԥшра аоператор Џьамбыл Чхьапелиа.

Аурыс драматә театр Ашықәс ҿыцаз ахәыҷқәа ирыднагало ақәыргыламҭа арбану, уи шаҟа аамҭа аус адырулоз атәы Аԥсуа радио аефир аҿы еиҭеиҳәеит арежиссиор- ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҿы иаарту Владимир Анқәаб ихьӡ зху Аԥсуа-адыга филологиа ацентр адиректор Ахра Анқәаб адырраҭара «Ашьыжь» аҟны дазааҭгылеит ацентр ахықәки уи инанагӡахьоу аусқәеи ртәы.

Жәларбжьаратәи аинформациатә еицлабра «Честный взгляд» - 2022 иалахәыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет ажурналистика аҟәша аҩбатәи акурс астудентка Анна Какәылиаԥҳа ашьыжьтәи ҳдырраҭараҿ дазааҭгылеит аицлабра аҟны лалахәхара шыҟалаз, ирыдылгалаз атема.