Ҧшьышықәсоуп сынтәа ахәыҷқәа рзы Ауадҳара еиҿыркаауеижьҭеи аҧхынтәи алагер "Аԥсар". Аҧхьатәи агәыҧ иалаз 52 –ҩык ахәыҷқәа наскьаганы, 100- ҩык инарзынаҧшуа ахәыҷқәа ҳарзыҧшуп аҩбатәи агәыҧ аҿы, иҳәеит Аҧсуа радио аефир аҿы ицәажәараан Афонҿыцтәи аҿар рхеилак “Аԥсар” ашьхатә аспорт-гәабзиарачаԥарҭатә лагер анапхгаҩы Нарҭ Аппба.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит абра.
Aшәахьа, 20 Ԥхынгәы 2026 18:18
Икьыԥхьуп
Интервью