Фонотека

Ясон Агумаа

Ясон Агумаа

Понедельник, 20 февраля 2023 13:39

Низам Ҳапат.

Шьамтәылеи Ҭырқәтәылеи адгьылҵысрақәа раан арыцҳара иақәшәаз рыцхрааразы иахьа Аԥсны агәыразратә еидара аизгара шцо, уи ззырхоу рзышьҭразы лшарас иҟоу атәы Аԥсуа радио аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ауаажәларратә палата алахәыла Низам Ҳапат.

Иҭыҵит апрофессор, афилологиатә Ҭҵаарадыррақәа рдоктор Екатерина Бебиаԥҳа «Амасса-информациатә хархәагақәа адунеизегьтәи аглобализациа аамҭазы» захьӡу лышәҟә ҿыц, убри инамадан адырраҭара «Ашьыжь» далахәын автор.

 

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» асас – Аԥсны Жәлар рартист,  Д.Гәлыиа ихьыӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат, «Ахьӡ-аԥша» аорден 3 аҩаӡара занашьоу Виачеслав Аблоҭиа.

Аӡын аԥсуа қыҭа аԥсҭазаашьа атәы дазааҭгылеит адырраҭара "Ашьыжь" иалахәыз Хәаԥтәи анхаҩы Џьубеи Занҭариа.

«Абызшәа аныҟам амилаҭгьы ыҟам». Адырраҭара далахәуп аҵарауаҩ Александр Чамагәуа.

Адырраҭара «Амҭеи ауаҩи» далахәуп «Ахьӡ-аԥша» аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны анаука зҽаԥсазтәыз аусзуҩы, Д.Гәлыиа ихьыӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауриат, алитературатә критикакаҵаҩы Руслан Қапба.

 

Вторник, 14 февраля 2023 14:42

Лили Ҳагԥҳа.

«Бызшәада изыҟалом амилаҭ, бызшәада изыҟалом аҳәынҭқарра», – адырраҭара далахәуп аҵарауаҩ Лили Ҳагԥҳа. Аефир иазлыохиеит Алина Ачԥҳа.

Ашьхара аҟны ахымҩаԥгашьа акультура.

Адырраҭара "Ҳара Ҳабиҧара" далахәуп Ахатәы Азеиҧшҵарадырратә школ "Альфа"адиректор лхаҭыҧуаҩ,аматематика арҵаҩы Асҭанда Ҳаџьымҧҳа.

Амҩаҧгаҩ-Аза Харчлааҧҳа.
Абжьыла аиқәыршәаҩ -Раиса Ажьиҧҳа.

Понедельник, 13 февраля 2023 12:22

Лиудмила Гәымԥҳа илиира мшуп жәабран 13.

Ашәаҳәаҩ, Аԥсны Жәлар рартистка, Ахьӡ-аԥша аорден аҩбатәи аҩаӡара занашьоу, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа алауреат Лиудмила Гәымԥҳа илиира мшуп жәабран 13. Сынтәа лара илиубилеитә шықәсоуп. Арҿиаҩы Аԥсуа радио аефир аинтервиу алҭеит лиира амш аҽны.