Фонотека

Ясон Агумаа

Ясон Агумаа

Понедельник, 06 февраля 2023 13:10

Ажәа амч. Валери Малиа.

Гәдоуҭатәи араионтә Еизара Ахантәаҩы. «Ахьӡ-Аԥша» аорден а-3-тәи аҩаӡара занашьоу Валери Малиа.

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессор, афольклорҭҵааҩы Зураб Џьапуа.

Пятница, 03 февраля 2023 12:35

Борис Ҷолариа.

Аҧсуа радио аефир далахәуп Иван Папасқьыр ихьӡ зху амилаҭтә библиотека адиректор Борис Ҷолариа.

Четверг, 02 февраля 2023 11:03

Владимир Заҭариа.

 «Ҳбызшъа алахьынҵа ҳара иаҳлахьынҵоуп»  аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа иазку адырраҭарақәа далахәуп, аҵарауаҩ Владимир Заҭариа. Амҩаԥгаҩ Алина Ачԥҳа.

Среда, 01 февраля 2023 13:41

Макланда Кәыҵниаҧҳа.

Мышқәак раҧхьа Ҭырқәтәыла имҩаҧысуаз арҿиаратә  хәылҧазы далахәын Аҧсны зҽаҧсазтәыз артистка Макланда Кәыҵниаҧҳа.

Адырраҭара «Аамҭеи ауаҩи» далахәуп Аԥсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ахада, Урыстәылатәи Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәыла, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет апрофессор, афольклорҭҵааҩы Зураб Џьапуа.

Аԥсуа радио ишәыднагалоит Аԥсны аҭоурыхи акультуреи ирызку адырраҭарақәа рпрограмма. Уи азкуп Аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа. Шәазыӡырҩа Ҭырқәтәыла инхо ҳџьынџьуаа Ирфан Ахәаҷбеи Сезгьын Аҩыӡбеи реиҿцәажәара. Аефир иазлырхиеит Алина Ачԥҳа.

Иццакы-ццакуа  амҩа дуқәа рҟны еиҭаҵуа хыԥхьаӡара рацәала амашьынақәа  рыбжьара иалукаауеит   атакси. Ари автотранспорт азыхиоуп дарбанзаалак апассаџьыр иахьиҭаху аҭыԥ ахь инагара.

Понедельник, 30 января 2023 15:34

Илона Кәыҵниаԥҳа.

Мгәыӡырхәа иҟоу амилаҭтә гәарԥ «Аԥсны» иахьаҵанакуа иргылоуп ахаҳәгәара зҿыкәыршоу адамра( адольмен).  Уи шыҟалаз, акыр зқьышықәса зхыҵуа аҿырԥшқәа ишырузеиҩымдраауа атәы  Аԥсуа радио аефир аҟны еиҭалҳәеит амилаҭтә гәарԥ «Аԥсны» амузеи аиҳабы Илона Кәыҵниаԥҳа.

Адырраҭара "Ҳара Ҳабиҧара" далахәуп Гәдоуҭа араион Ахадара аҵара аҟәша аиҳабы Ҳаразиа Адамыр.
Амҩаҧгаҩ-Аза Харчлааҧҳа.
Абжьыла аиқәыршәаҩ -Раиса Ажьиҧҳа.