«Аҧсны аӡыргаразы ҳшьапылымпыл асыҩцәа Амедиалига аҟны рықәгылара хҭыс бзиоуп, уажәшьҭа ҳардыруеит, ҳгәарҭеит, аҧхьаҟагьы ҳалахәхар рҭаххоит ҳәа агәаанагара сымоуп», - иҳәеит Аҧсуа радио аефир аҟны Ашьапылымпыл азы аспорт азҟаза, ашьапылымпыл қәыҧшцәа разыҟаҵаҩ, аспорт ахҳәааҟаҵаҩ Лаша Коӷониа.
Ашьапылампыл акоманда "Аԥсны" Амедиалига аҩбатәи атур абыжьбатәи аицлабраҿы "Чертаново" иаҵахеит 3:4 ҳәа. Ас еиҧш алҵшәала ҳшьапылымпыл асыҩцәа сынтәа аицлабра иалҵит.
Понедельник, 08 сентября 2025 15:08
Опубликовано в
Интервью