Интервью

Понедельник, 18 мая 2026 19:15

Аҧсадгьыл  ахь  ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы  Баграт  Боџьгәуа зхадараҽы дыҟаз Аҧснытәи аделегациа жәамш     Ҭырқәтәыла иҟан  усутә ныҟәарала. Ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи дареи реиҧыларақәа раан ирзааҭгылан еицҳзеиҧшу, зыӡбара хымҧадатәиу азҵаарақәа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы  - атәылауаҩра аиура, аиҭанаиааира иаҳа армариара, аҧсуа бызшәеи аҵасқәеи реиқәырхара, Аҧсни Ҭырқәтәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара. Ҭырқәтәыла рыҟазаара иалагӡаны изҧылаз, излацәажәаз еиҭеиҳәеит Аҧсуа радио аефир аҿы Аԥсадгьыл ахь ахынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Лазба.

Прочитано 57 раз
aps25